Print this page
08.Хәажәкыр.2024

Ашәба Лаша Валентина Матвиекно Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2024 шықәса.  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша  Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Жәларбжьаратәи аҳәса рымш лыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ари ааԥын мшы аԥсабара зегьы аҿыхара иацны иааиуеит аҟнытә агәыӷра ҿыцқәа рынагӡаразы агәрагара ҳнаҭоит. Иагымзааит шәыԥсҭазаара амра, аԥхарра, ааԥынра».

Ашәба Лаша  Валентина Матвиенкои Урыстәыла аҳәсеи ирзеиӷьеишьеит анасыԥ, агәалазаара бзиа.

- Аԥшьаша, 14 Хәажәкыр 2024 01:31