Print this page
05.Ԥхынҷкәын.2022

ҨЫМЧЫБЖЬ РЫЛА АԤСЫНТӘИ УРЫСТӘЫЛАҞА ИААГОУП 4,3 НЫЗЫҚЬ ТОНН АМАНДАРИНА.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз ҩы-шықәса рыла Краснодартәи атәылаҿацә аужьҭра-гәаҭаратә пунктқәа рыла Урыстәылаҟа ииагахеит 3177 партиа импортла идәықәҵоу амандарина. Иарбоу ацитрустә шәырқәа 3-тәылак рҟынтәи иаагоуп:

Ҭырқәтәылантәи иааган  2717 партиа, уи акапан азеиԥш еицҵалыҵ 59,4 нызықь тонн рҟынӡа инаӡоит;

Аԥснынтәи иаагоуп 444 партиа, уи акапан азеиԥш еицҵалыҵ 4,3 нызықь тонн рҟынӡа инаӡоит;

Египет аҟынтәи иаагоуп 16 партиа, уи акапан азеиԥш еицҵалыҵ 0,4 нызықь тонн рҟынӡа инаӡоит.

Урыстәыла ақыҭанхамҩахылаԥшра Аладатәи арегионалтә Усбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, апартиақәа зегьы Урыстәыла ақыҭанхамҩахылаԥшра Аладатәи арегионалтә Усбарҭеи Афедералтә ҳәынҭқарратә биуџьеттә Усбараҭа «ВНИИКР» аспециалистцәеи рфитосанитартә гәаҭара иахысит, анаҩс зхы иақәиту атауратә еикәыршара азы азин аҭаны идәықәҵахеит.

- Ашәахьа, 05 Ԥхынҷкәын 2022 19:47