Print this page
15.Ԥхынҷкәын.2022

НХЫҴ-КАВКАЗТӘИ АФЕДЕРАЛТӘ УНИВЕРСИТЕТ АЛЕКТОРЦӘА АУРЫС БЫЗШӘЕИ АЛИТЕРАТУРЕИ РЫРҴАҨЦӘА РЗЫ АЛЕКЦИАҚӘА ИРЫԤХЬОИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза  12 – 16 рзы Нхыҵ-Каказтәи Афедералтә Университет алекторцәа  аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рзы «Аурыс бызшәеи алитературеи рызнагара иацу актуалра злоу апроблемақәа» ҳәа хыс измоу  алекциақәа ркурс иаԥхьон, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрра апресс-аҵзура.  Акурсқәа Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрреи Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университети русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахеит.

Апрограмма ахықәкы хаданы иҟалеит Аԥсны абжьаратәи ашколқәа рҿы аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра.

Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет аџьынџьтәылатәии адунеизегьтәии аҭоурых акафедра апрофессор Лиудмила Бронскаиа алекциақәа ркурс апрограмма далацәажәеит: «Амасстер-классқәа мҩаԥгахоит, иара убас ҳаамҭазтәи ашкол аҿы аурыс бызшәеи алитературеи рырҵара аҿы иҟоу апроблемақәа рылацәажәара мҩаԥысуеит».

Лиудмила Бронскаиа лажәақәа рыла, алекциақәа рцикл анхыркәшахалак ашьҭахь азыӡырҩцәа зегьы асертификатқәа роуеит.