Print this page
18.Цәыббра.2023

Аурыс бызшәа арҵаҩцәа рзы алекциақәа мҩаԥгахоит Аҟәа ақалақь, цәыббрамза 22 – 23 рзы.

Аҟәа. Цыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 22 – 23 рзы, Аҟәа ақалақь, «Москва Аҩны» аҿы аурыс бызшәа арҵаҩцәа рзы «Аурыс бызшәа алагарҭатә школ аҿы: иҿыцу аҵаратә лшарақәа» атема ала алектори мҩаԥгахоит.  

Аусмҩаԥгатә аурыс бызшәала арҵареи аурыс бызшәа аҵареи ацхырара аҭара иазку акультура-ҵарадырратә комплекс аҳәаақа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.

Аусмҩаԥгатә иалахәхоит ҩынҩажәижәаба-ҩык инареиҳаны Аҟатәи ашколқәеи Аԥсны егьырҭ ашколқәеи алагарҭатә классқәа рҿы аурыс бызшәа рызҭо арҵаҩцәа.

Алекториа апрограмма иазԥхьагәанаҭоит аҵаратә литература ахҳәаа аҟаҵара, амастер-классқәа, иара убас аинтерактивтә лекциақәеи апрактикумқәеи рымҩаԥгара.

Алектори аихшьаалақәа рыла, арҵаҩцәа асеитификатқәа рыҭахоит.

Аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара рхахьы иргеит Москва ақалақь Анапхгара, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартаменти аидгьылуаа Москватәи Рыҩни.

- Ахәаша, 22 Цәыббра 2023 14:35