Print this page
14.Абҵара.2023

Аԥсуа-база Жәлар Адунеизегьтәи Рконгресс ашколхәыҷқәа рзы актәи амедицинатә цхыраара рыҭара азы атренингқәа мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпрсс. Калдахәаратәи ашкол-интернати Бзыԥтәи абжьаратәи ашколи 80-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа актәи аҳақьымнӡатәи ацхыраара аҭара азы атренингқәа рхы аладырхәит.

Атренингқәа еиҿкаахеит Аԥсуа-база Жәлар Адунеизегьтәи Рконгресси Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аспециалист Индира Амҷбеи.

Аҵаҩцәа лабҿаба иддырбеит аԥсмаҷхарақәа, абылрақәа, ауаҩы амра ихы ианаслак, абҩаԥҵәара, ахәахәа-чахәарақәа, ашьацарақәа,  аԥстәы ауаҩы ианицҳа, уҳәа рышьҭахь актәи амедицинатә цхыраара аҭара шымҩаԥгатәу  атәы рзеиҭарҳәеит.

Аҵаҩцәа иара убас ишиашам агәы амассаж аҟаҵара, иара убас иҷыдоу атренажиор ала иԥсабаратәым аԥсыԥлагаҩагареи ртехника аилкааразы  алшара рыман.

 

- Аҩаша, 14 Абҵара 2023 16:46