Print this page
24.Ажьырныҳәа.2024

Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа арратә хәҭақәа ринспекциатә гәаҭара мҩаԥигоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа арратә хәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи атәылахьчаратә Хылаԥшырҭа ашьҭаҵарҭақәеи рҭагылазаашьа агәаҭара мҩаԥигоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аинспекциатә гәаҭара ахықәкы хаданы иҟоуп: арратә нхарҭақәа реиқәыршәазаара агәаҭара, аруаа рыбзазаратә ҭагылазаашьеи архәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи рырратә зыҟаҵара аҩаӡареи ргәаҭара.

Аусмҩаԥгатә иадыԥхьалоуп атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩцәа, атәылахьчара Аминистрреи Арбџьармчқәа Рыштаб Хадеи аусбарҭақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа рнапхгаҩцәеи. 

 

 

- Ахаша, 24 Ажьырныҳәа 2024 22:49