АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Ԥхынгәы.2023

Инал Габлиа Иреиҳаӡоу аекономика ашкол «Аԥснытәи аклуб» ахаҭарнакцәа- ацҳаражәҳәаҩцәа (амбассадоры) идикылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныперсс.  Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа  Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» ахаҭарнацәа-ацҳаражәҳәаҩцәа Глеб Аџьбеи Мирон Бараҭелиеи идикылеит.

Аҵара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы ирылацәажәеит абарҭ азҵаарақәа:  

Аԥсны аҵара Аминистрреи  Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашколи» аусеицура рыбжьаҵара;

Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» «Аԥснытәи аклуб» ала  ареспублика ашколхәыҷқәа рзы азанааҭтә ҽҳәаақәҵара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара;

Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» арҵаҩцәа рыла аԥснытәи арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку апрограммақәа рымҩаԥгара;

Ахаҭарнакцәа-ацҳәаражәҳәаҩцәа (амбассадоры) – ари Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» астудентцәа роуп, урҭ ауниверситет азы рдыррақәа акыр инарҭбаауп, дара ари зыхә дуу аинформациа заԥхьаҟа иарбоу аҵараиурҭа иастудентцәаханы иҟаларц зылшо аҿар рымадара иазхиоуп.

- Ахәаша, 21 Ԥхынгәы 2023 12:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.